🔺Тҟәарчал араион ахатәы хашәалахәы 117% ыҟоуп. Еизҳаит 4 млн мааҭ рыла. 2026 шықәсазы араион абиуџьеҭ ахашәалахәы -102 % рыла инагӡоуп.
🔺Аплан аҿы иарбан 172,5 миллион мааҭ. Фактла иаланагалеит 175,2 млн мааҭ. Фымзтәи аҳасабырба ҟаиҵеит Тҟәарчал араион ахада Гьерман Каҷараа. Нанҳәамза ҩажәи ак рзы Тҟәарчал, Аҧсны Ахада Бадра Гәынбеи араион активи реиҧылара мҩаҧысит.
🔺Ҳтәыла ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, анапхгара аҿаҧхьа ихыдҵаны ишықәгыло Тҟәарчал аҿиара иазыманшәалоу амҩақәа рыҧшаара.
🔺«Уи азы аинфраструктура иацхраатәуп, ауааҧсыра уалафахәыла еиқәыршәатәуп. Ақалақь еиқәзырхаз ауааҧсыра шәоуп», - ҳәа актив ахь ихы нарханы дықәгылеит Бадра Гәынба.
Подписаться на АГТРК:
Instagram |
YouTube |
Facebook